16-09-2017
Mitjet 2L 2017 афиналтә еиҧхныҩлара
Mitjet 2L 2017 афиналтә еиҧхныҩлара
2017 ш., цәыббра 16 рзы Шәачатәи автодром аҿы имҩаҧысит Урыстәылатәи акубок Mitjet, ахыркәшаратә етап. Уи алҵшәақәа рыла еилкаан аиааира згази аҧхьахәқәа заузи 2017 шықәсатәи асезон аҿы.
Ҳара ҳџьынџьуаҩ, Mitjet 2L 2016 ҵыҧхтәи аетап аҿы аиааира згаз, раҧхьатәи аҧсуа автоеиҧхнылаҩ Дмитри Гвазава абар уажәшьҭа ҩышықәсоуп уи аиҧхныҩлара далахәуижьҭеи.
Урыстәылатәи акубок Mitjet хәымз ицон. Шәачантәи астарт шьҭызхыз, аиҧхныҩларатә сериа апилотцәа ҩынтә еицлабуан Москвеи Казани равтодромқәа рҿы.
Нанҳәа 19 рзы автодром Kazan Ring аҿы заанаҵы далкаахеит Урыстәыла акубок занашьахаз. Уи апилот Иван Лукашевич иоуп. Mitjet 2L акласс аҿыУрыстәыла акубок Ахәбатәи аетап аҿы аиааира игеит аҧсуа автоеиҧхнылаҩ Дмитри Гвазава.
Аҵыхәтәантәи аетап аҿы Шәачатәи автодром аҟны апилотцәа аунификациа зызу автомашьынақәа рыла иқәгылеит, уи иалнаршеит ақәҿиаразы ршансқәа реиҟаратәра, аҧхьатәи аплан ахь ицәырҵит апилотцәа реиҧхныҩларатә баҩхатәра. Уи адагьы, ахәаҧшцәа алшара роуит аицлабра рыҽшазыҟарҵо абара, ииашаны игоу астартфиниш ақәсра. Автодром аҭааҩцәа апрофессионалтә стантраидерцәа рҟнытә лабҿаба ирбеит амотциклқәа рыла аеқстремалтә шоу.
Уи аҽны Дима Гвазавеи Алексеи Карачеви Акубок аҿы аҩбатәи аҭыҧ азы еицлабуан. Ажәбатәи аҭыҧ аҟнытә астарт шьҭыхны, Дмитри имаз аҵахара даиааины, иконкурент диаҧысит. Хыҧхьаӡара рацәала абзиабаҩцәеи ажурналистцәеи адгылара ҕәҕәа ирҭеит, уи асезон датриумфаторны дҟалеит.
Ҩынтә ианҭала ашьҭахь имҩаҧысит, Урыстәыла акубок Mitjet 2017 шықәсазы иаиааизи аҧхьахә згази аихшьаларатә ҳамҭа рыҭара иазкыз ацеремониа.
«АҞӘАФОН-GSM»адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша