25-10-2016
Амаҵзура “Агәрагаратә шәатәы абонентә хәҧса азы”
Амаҵзура “Агәрагаратә шәатәы абонентә хәҧса азы”
Жьҭаара 25, 2016ш. инаркны ахархәара аиуеит амаҵзура ҿыц “Агәрагаратә шәатәы абонентә хәҧса азы” атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рсериеи атарифтә план “Аицәажәареи” рабонентцәа рзы. Шәбаланс ахарҭәаара ианаамҭоу шәахьымӡозар, “Агәрагаратә шәатәы абонентә хәҧса азы” зыхьӡу амаҵзура ҷыдала уажәшьҭа ишәымоуп алшара, аҩны шәдәылымҵӡакәа, USSD- азыҳәамҭа: *191*01# дәықәҵаны, шәхыҧхьаӡара ахарҭәаара. Ари акоманда активра азнауеит Шәара шәтариф азы иаҭаху абонентә хәҧса ахыҧхьаӡара.
Ари амаҵзура аус ауеит абаланс анҭацәу, насгьы аҿакра анауа, абонент хәҧса аныхра мышкы шагу, иара убасгьы ианныху арыцхә инаркны хәымш рыҩныҵҟала. Агәрагаратә шәатәы ырхынҳәтәуп амаҵзура анаҿакха инаркны хымш рыҩныҵҟала. Комиссиа ҳасабла 30 мааҭ ылырхуеит агәрагаратә шәатәы иамоу аҿҳәара анынҵәалакь.
“Агәрагаратә шәатәы абонентә хәҧса азы” рыҭахоит атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рсериеи атарифтә план “Аицәажәареи” рҿы.
Аилкааратә информациа азыҳәамҭаUSSD-акоманда: *191# ала.
Ашәатәы активра азура ҟалоит USSD-акоманда: *191*01# ацхыраарала.
USSD-акоманда: *191*00# ацхыраарала Шәара ишәылшоит ишәымоу акредиттә лимит ахьынӡаҟоу аилкаара.
USSD-акоманда: *191*02# ацхыраарала амаҵзура аҿыхра шәылшоит.