28-09-2016
Ақалақь Очамчыра Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхра
Ақалақь Очамчыра Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхра
Ҳтәылаҿы Ахьыҧшымра амш ныҳәаны иазгәарҭоит цәыббра 30 рзы, ақырҭуа-аҧсуа еибашьраҿы аиааира амш аҽны. Есышықәса, акрызҵазкуа ари арыцхә аламҭалазы АҞӘАФОН имҩаҧнагоит еиуеиҧшым апатриоттә проектқәа.
Аҧсны Ареспублика Аҳәынҭқарратә бираҟ - ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи аазырҧшуа ихадоу дырганы иҟоуп. 2009 шықәсазы АҞӘАФОН-и, аспорти аҿари русқәа рзы Ареспубликатә комитети, Аҧсны Аҿартә Еиҿкаарақәа Рассоциациеи рыбзоурала ихацыркын апроект “Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы”. Уи хықәкыс иаман Аҧсны қалақь цыҧхьаӡа, иара убасгьы хьӡы-ҧша змоу аибашьратә ҭыҧқәа жәпакы рҿы 20 м иҳараку абираҟлаба иахаҵаны 4х8м иҟоу абираҟ ашьақәыргылара.
1992-1993 шш.рзтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 23 шықәса ахыҵра иазкны АКӘАФОН аҿы иазҧхьагәарҭеит ақ. Очамчыреи Ҧсоуи ҳреспублика аҳәынҭқарратә символқәа рышьақәыргылара. Цәыббра 28, 2016ш. рзы Очамчыра ақалақь уахьалало аҭыҧ аҿы ишьақәыргылан Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ. Ари аусмҩаҧгатәы рҽаладырхәит аибашьра аветеранцәа, Аҧсны афырхацәа Гашики Шамили Аӡынаа, ақыҭа Мыркәыла администрациа ахада Анри Хәырхәмал, иара убас Очамчыратә ашкол-интернат аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи.
Традициала ишаҧу еиҧш абираҟ ашьҭыхра аҧхьа, имҩаҧысит аофициалтә уаа рықәгыларақәа. Анаҩс иарҳәан Аҧсны Аҳәынҭқарра агимн, уи ашьҭахь зегь ҳзызгәдуу Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ зхы иақәиҭу ҳреспублика инахашәыршәырит.
«АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша