27-04-2015
АҞӘА ИМҨАҦЫСИТ VI ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ТУРНИР “АҞӘАФОН-ОПЕН”
АҞӘА ИМҨАҦЫСИТ VI ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ТУРНИР “АҞӘАФОН-ОПЕН”
Мшаҧы 25 инаркны 26 рҟынӡа Аҟәатәи асахьаркыратә гимнастика ашкол аҿы имҩаҧысит VI Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир “АҞӘАФОН-ОПЕН”. 2010 шықәса раахыс уи спонсор хадас иамоуп Аҧсны раҧхьаӡатәи амобилтә оператор.
Атурнир аиҿкааҩцәа – Аҧснытәи ашахматтә Федерациеи абаҩрҵәыратә культуреи аспорти рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә комитети.
Сынтәатәи аицлабрақәа раҧхьахәтә фонд 81 000 маҭ ыҟоуп.
Аицлабрақәа рҿы иаиааиз рыбжьара аҧаратә ҧхьахәқәа ҩ-гәыҧк ирзеихшан Агәыҧ-А (адуцәа рыбжьара) Агәыҧ-В (13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа алахәцәа рыбжьара).
Мшаҧы 25 рзы шьыжьнаҵы ашкол ахыбраҿы аизара иалагеит аспорттә хкқәа рыҟнытә зегь реиҳа иҟәышу ҳәа иҧхьаӡоу ашахмат бзиа избо хәыҷи-дуи: аветеранцәа, аҟазацәа, ашколхәыҷқәа, уимоу ашкол иҭамлац ахәыҷқәаҵәҟьагьы. Атурнир аҽалархәразы иааит Аҧсны иқәынхо ауааҧсыреи Урыстәылантәи асасцәеи. Ашахмат асыҩцәа рыбжьара иҟан атурнир есышықәса зҽалазырхәуа ауаагьы.
Асааҭ 10:00 рзы ихацыркын аартра ацеремониа. Аспорттә ныҳәа аартуа, уи зҽалазырхәыз зегьы “Бзиала шәаабеит!” ҳәа раҳәо ақәҿиарақәагьы рзеиҕьашьо рҿаҧхьа иқәгылеит Аҧсны ашахматтә Федерациа Ахада Константин Ҭыжәбеи АҞӘАФОН ахаҭарнак Аида Хонелиеи.
Анаҩс актәи атур рылаҳәан, иара убриалагьы иалагеит 8 туркны ишаз ашахматтә марафон.
Мшаҧы 26 рзы зегьы идырдырын атурнир аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа. Урҭ иранашьан аҿақәеи, аҳаҭыртә грамотақәеи, афинанстә ҧхьахәқәеи.
Агәыҧ-А (адуцәа рыбжьара)
I аҭыҧ |
Полиаков Иури |
II аҭыҧ |
Барганџьиа Заза |
III аҭыҧ |
Мрыхин Игор |
IV аҭыҧ |
Гаспариан Даниел |
V аҭыҧ |
Шьанаа Ҭемыр |
Аветеранцәа рыбжьара
I аҭыҧ |
Жуков Виктор |
II аҭыҧ |
Дида Куплан |
Ашколхәыҷқәа рыбжьара
I аҭыҧ |
Сарамиди Денни |
1I аҭыҧ |
Асатуриан Даниел |
III аҭыҧ |
Аспариан Алин |
Агәыҧ-В (13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа алахәцәа рыбжьара)
I аҭыҧ |
Шамба Леон |
II аҭыҧ |
Ҟаитан Алан |
III аҭыҧ |
Занҭариа Ника |
Аҷкәынцәа хәыҷқәа рыбжьара (7 шықәса рҟынӡа)
I аҭыҧ |
Хәырхәмал Аинар |
II аҭыҧ |
Ҭаркьыл Михаил |
III аҭыҧ |
Ҳалбад Данил |
Аҷкәынцәа хәыҷқәа рыбжьара (9 шықәса рҟынӡа)
I аҭыҧ |
Ҷкадуа Алеқсандр |
II аҭыҧ |
Сабекьиа Саиат |
III аҭыҧ |
Аншба Есам |
Аҷкәынцәа хәыҷқәа рыбжьара (11 шықәса рҟынӡа)
I аҭыҧ |
Шьелиа Даниел |
II аҭыҧ |
Баџьаӡе Георги |
III аҭыҧ |
Василиев Артур |
Аӡҕабцәа хәыҷқәа рыбжьара (7 шықәса рҟынӡа)
I аҭыҧ |
Ҵалакьиа Валериа |
II аҭыҧ |
Кәарҷиа Диана |
III аҭыҧ |
Аҩӡба Алеқсандра |
Аӡҕабцәа хәыҷқәа рыбжьара (9 шықәса рҟынӡа)
I аҭыҧ |
Касиан Дариа |
II аҭыҧ |
Кәарҷелиа Анна |
III аҭыҧ |
Роган Алеқсандра |
Аӡҕабцәа хәыҷқәа рыбжьара (11 шықәса рҟынӡа)
I аҭыҧ |
Амҷба Деиа |
II аҭыҧ |
Ҳаџьымба Кристина |
III аҭыҧ |
Арҩҭаа Асиа |
Ашахмат – иҷыдоу спорттә хкуп. Аинтеллектуалтә ҿиара аизырҳара иацхраауа, ашахматтә спорт, иарбан қәразаалак аҿы ауаҩы ихаҭара ашьақәгылара ианыруеит. Иагьџьашьатәым Аҧсны ашахматтә хәмарра бзиа избо ауаа рхыҧхьаӡара еснагь иахьацло. Уи зыршаҳаҭуа акакәны иҟоуп ашахматтә турнир еизнаго ауаа рхыҧхьаӡара есааира арацәахара.
АҞӘАФОН хымҧада иамыргәырҕьар залшом, уи амчқәеи аресурсқәеи зыднаҵо проектцыҧхьаӡа уаҩы ибартә еиҧш, алҵшәа бзиақәа анаадырҧшуа.
«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша