21-07-2014
АҞӘАФОН акорпоративтә саит рхы иадырхәар ҟалоит аԥсышәала
АҞӘАФОН акорпоративтә саит рхы иадырхәар ҟалоит аԥсышәала
Аилахәыра АҞӘАФОН аԥҵоижьҭеи 11 шықәса ахыҵра аламҭалазы ус хадак ҟанаҵеит – иаԥнаҵеит акорпоративтә саит www.aquafon.com аԥсуа версиа. Ари аҳасабтә аӡбара иацыз ауадаҩра зыхҟьоз иахьа аԥсуа бызшәаҿы ателекоммуникациатә терминологиа ахьыҟам ауп, убри аҟнытә аурыс телекоммуникациатә терминқәа аԥсуа бызшәахь иеиҭагатәын.
Абри аус анагӡаразы еиҿкаан аиҭагаҩцәеи, аредактори, акорректори рыла ишьақәгылаз аусуратә гәыԥ. Ари агәыԥ иалан Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩцәа, абызшәадырҩцәа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа.
Аҽазыҟаҵаратә усурақәа раан аус адулан асаит атексттә материал зегьы: аинформациа еихшан акатегориақәа рыла – азиндырратә документқәа, ахәхшәааратә планқәеи амаҵзурақәа рыԥҟарақәеи, атехника ахҳәаатә текстқәа – аматериал амҽхак зегьы ишьақәнаргылеит 250 даҟьа инеиҳаны. Анаҩс акатегориақәа рыла еихшаз атекстқәа рыдгалан аиҭагаҩцәа русуратә гәыԥқәа.
Аусумҭа аиҳарак нарыгӡеит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа. Урҭ иеиҭаргеит АҞӘАФОН ахәхшәааратә планқәеи амаҵзурақәеи зегьы рыԥҟарақәа ирызку атекстқәа.
Ари аусуратә гәыԥ иалан Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба, иара убас аинститут абызшәа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩцәа Адгәыр Шьынқәбеи Фатима Кәарҷелиаԥҳаи. Азиндырратә документқәа реиҭагара лнапы алакын аиҭагаразы аиустициа аминистрра аспециалист хада Хьыбла :әаранӡиаԥҳа. Ахҳәаатә текстқәа аус рыдылулеит ажурналист, аканал Абаза ТВ аредактор Светлана Корсаиаԥҳа. Атекстқәа аредакциа рзылуит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы, афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа. Акорректортә усура мҩаԥылгеит ААУ аԥсуа литература акабинет аиҳабы Милиа ?нариаԥҳа.
Иахьатәи амш азы иеиҭагоуп асаит атекстқәа зегьы, имҩаԥысуеит аредактортәи акорректортәи усурақәа. Лассы АҞӘАФОН аофициалтә саит аҭааҩцәа ирылшоит асаит аинформациа зегьы аԥсышәала ахархәара.
АҞӘАФОН ахы аанарԥшит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи ирызку апроектқәа зҽазҵәылхны иадгыло еилахәыраны. Иахьа Аилахәыра еиҭа иаанарԥшит абри ахырхарҭаҿы позициас иааннакыло.
Акрызҵазкуа абри апроект анхыркәшахалак АҞӘАФОН Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәала аофициалтә саит ахархәара улзыршо Аԥсны раԥхьатәи коммерциатә еиҿкаарахоит.
ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша