07-10-2014

Цәыббра 30 рзы АҞӘАФОН имҩаҧнагаз асоциалтә акциақәа

Цәыббра 30 рзы АҞӘАФОН имҩаҧнагаз асоциалтә акциақәа

Аиааира Амш – аҵабырг ашьақәыргылара иацу иҿымцәааӡо ахьаа лашеи ихышхыҵәо агәырҕьареи ирныҳәоуп. 30.09.1993 шықәса – Аҧсны аҭоурых  наӡаӡа иалалаз рыцхәуп. Уи иаҳгәаланаршәоит  усҟантәи аамҭа хьанҭазы  аҧсуа жәлар ирхыргаз, изнысыз амҩа. Уи ҳазегьы иаҳзеиҧшу  Ҳгәалашәара Амш ауп, Ҳфырхаҵара Ду Амш.

Абар уажәшьҭа 21 шықәса ҵуеит цәыббра 30 Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы риааира амшныҳәа ҳреспубликаҿы инарҭбааны иазгәарҭоижьҭеи.  Есышықәса ари аныҳәа ду иақәыршәаны АҞӘАФОН иазнархиоит акымкәа-ҩбамкәа апроектқәа.

Сынтәа АҞӘАФОН-и астудиа «АМА RECORDS» амузыкатә коллективи русеицурала  иазырхиан аныҳәатә концерт ду. Уи аконцерт рыманы аколлектив  ықәгылеит Аҧсны ақалақьқәа зегьы рҿы. Аконцерттә программаҿы иҟан аинструменталтә  музыка иацырҳәоз аибашьра аамҭазтәи ашәақәа 18 - Емма Хәаџьааи Ҭемыр Қәычбериеи рмузыкатә фильм “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” аҟынтәи.

Цәыббрамза 17 рзы агастрольтә тур “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” хацыркын Гәдоуҭа ақалақь. Цәыббра 19 рзы амузыкантцәа ирҧылеит ақалақь Гагра иқәынхо ахәаҧшцәа. Цәыббра 24 ари аконцерттә программа дырбан Очамчыра ақалақь уаа. Цәыббра 26-еи 27-еи рзы амузыкантцәа ықәгылеит Аҟәа ақалақь аҿы.

2012 шықәсазы раҧхьаӡа акәны ихацыркыз ари апроект ҳазегьы аибашьратә ашәақәа иҿыцу анагӡарала, иҿыцу ашәаҳәашьала иҳаҳартә еиҧш алшара ҳанаҭеит. Иҭырҭәааз азалқәеи, зхаҿқәа зхалашаауа, ашәаҳәацәа ирыцзырҕызуаз ахәаҧшцәеи  ҳамҩашьо иаҳдырбеит ас еиҧш иҟоу апроектқәа хымҧада ҳажәлар ишырҭаху.

 

 ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша