06-05-2014

Г. А. Ӡиӡариа диижьҭеи 100 шықәса аҵра

news_name

Г. А. Ӡиӡариа диижьҭеи 100 шықәса аҵра 

Лаҵарамза 6,  2014 ш. рзы  100 шықәса ҵит аԥсуа ҵарауаҩ, Кавказ аҭоурыхҭҵааҩ, арҵаҩы, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диижьҭеи.

Гьаргь Алықьса-иԥа  XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны аҭҵаарадырреи, ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаареи рҿы аҭыԥ ҷыда ааникылон.

Еиҳараӡак уи илшарақәа рацәоуп  аԥсуа ҭоурыхтә ҭҵаарадырра, иара убас аԥсуаҭҵаара егьырҭ ахырхарҭақәа  рышьаҭаркреи реизҳареи рҿы. Уи икалам иҵижьт  200 кьыԥхь усумҭақәа, урҭ рҟынтә 70 ҭҵаарадырратәқәоуп, егьырҭ 23-шәыҟәқәоуп, брошиурақәоуп.

Ари аҵарауаҩ дуӡӡа иубилеи ахьӡала Аилахәыра  АҞӘАФОН аусзуҩцәа  Аҟәеи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿы  иқәдыргылеит Гьаргь Алықьса-иԥа исахьа зну абаннерқәа.

Аилахәыра  аусзуҩцәа аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуаҩ иҭаацәа рҿаԥхьа аҳәара ҟарҵеит уи амакет аԥҵаразы афотоматериалқәа рырҭарц. Аҵарауаҩ иҭаацәа гәахәала иахаҵгылеит ари ажәа лагала, рҭаацәаратә архив аҟнытә иалхны ирырҭеит Гьаргь Алықьса-иԥа ипортреҭқәа, иара  убасгьы ацхыраара ҟарҵеит аплакат азы иусумҭақәа рыҟнытә ацитатақәа ралхра аан. Уи аусеицура иалҵшәаны, аҵарауаҩ ипортрет авараҿы  ауаҩы ибарц  илшоит 1968 шықәсазы Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора рҿаԥхьа аҵарауаҩ иқәгылара аҟынтә ацитата:

«….Акультуреи аҵарадырреи рырҿиара амҩа мацара ала ауп амилаҭ хаҿра аиқәырхара шалыршахо…».

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша